Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Софа Агәмаа лиубилеи лыдныҳәалара

20.12.2018

Ҧхынҷкәынмза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар рартист Софа Агәмаа 80-шықәсахыҵратәи лиубилеи лыдиныҳәалеит.

***

Ҳаҭыр зқәу Софа Хынтрыгә-иҧҳа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ииубилеитәу 80-шықәсашәхыҵра! С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр апрофессионалтә шьақәгылараҿы Шәара иаанышәкылоит ҩашьара зқәым шәхатә ҭыҧ.

Шәбаҩхатәра, шәысценатә ҟазара, шәырҿиаратә ҧышәа ду ахәшьара ҳаракы аиухьеит ахәаҧшцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рганахьала. Атеатр абзиабаҩцәа жәпаҩык ргәы иҭнымҵәо иаанхеит хыҧхьаӡара рацәала Шәара инашәыгӡахьоу арольқәа, аҧсуа классикеи адунеитә классикеи рхаҿсахьақәа.

Шәылшамҭақәа рацәоуп актиорцәа ҿарацәа рааӡараҿы, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр апроект аҧҵараҿы, уи асахьаркыратә напхгараҭараҿы. Иара убас шәџьабаақәа дыруп аҧсуа милаҭтә кинематограф аизырҳараҿы, асахьаркыратә рҿиамҭақәа аҧсшәахь реиҭагараҿы.

Аҧсуа телехәаҧшра афонд хадырҭәааит сценаристк, режиссиорк иаҳасабала Шәара шәызлахәыз ателефильмқәа. 1978 ш. азы Шәара шәалырххьан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. 1985 ш. азы шәырҿиаратә лшамҭа дуқәеи, шәҟазара ҳараки ҳасаб рзуны ишәанашьан «Аҧсны Жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ҳаракы, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

Шәиубилеитә мышныҳәа шәыдныҳәало, ишәзеиҕьасшьоит ашықәсынҵыра ду, агәамч-ҕәҕәа, арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org