12.12.2018
Ҧхынҷкәынмза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар рпоет, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа р-Ассоциациа Ахантәаҩы, Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, «Ахьы Дельвиг» апремиа занашьоу Мушьни Лашәриа 80 шықәса ихыҵра иазкыз арҿиаратә хәылҧазы даҭааит. Ахәылҧаз мҩаҧысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.