Аекономика Аминистрра 25 шықәса ахыҵра иазку адныҳәалара

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Абзиара шәымаз, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика Аминистрра аҧҵоижьҭеи 25 шықәса аҵра иазку аҭҵаарадырра-ҧышәатә конференциа аиҿкааҩцәеи уи иалахәу зегьи!

Аҧсны жәлар рхьыҧшымра аналыршаха, адунеи аполитикатә хсаалаҟны ицәырҵыз иҿыцу Аҧсны Аҳәынҭқарра аргылара ианалага аҧхьатәи амш инаркны ихацыркхеит аҳәынҭқарратә еилазаарақәеи аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи раҧҵара апроцесс. Урҭ ихадароу уснагӡатәны рҿаҧхьа иқәгылан, иахьагьы иқәгылоуп аҳәынҭқарратә усқәа харҭәааны рымҩаҧгара.
Аханатә еиҧш, иахьагьы Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә еиҿкаара асистемаҟны ихадароу ахәҭақәа ируакуп.
СССР анхыбгала анаҩс апостсоветтә наӡааӡараҟны ишьақәгылаз атәылақәа жәпакы ирҿырҧшны, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалҵны аибашьрашьҭахьтәи аҭагылазаашьа хьанҭа иналагылаз, ахҩахаха амҭаӡакәа, аекономикатә блокадеиҧш, егьырҭ аформақәа рыла ақәыҕәҕәарақәа змаз, макьана иқәыҧшыз ҳтәылазы усҟан ахатәы економика аҧҵара уадаҩын.
Убас шакәызгьы, ҳекономика еиқәхеит, ашьақәгылара амҩа ианылеит, шьҭа хықәкы хаданы ҳҿаҧхьа иқәгылоуп уи есааира аизырҳара, арҿиара, ҳажәлар рҭагылазаашьа аиҕьтәра.

Ҳазҭагылоу аамҭазы имариамыз аҩныҵҟатәии адәныҟатәии ҭагылазаашьақәа, азеиҧшдунеитә процессқәа иҟарҵо анырра бааҧсқәа раан ҳтәыла аекономикатә блок аилазаарақәа рроль акырӡа иазҳауеит.
Абри аан, аидара, аҭакҧхықәра аиҳарак зду ауп Аекономика аминистрра. Иара иалшароуп адунеитә ҧышәа шьаҭас иаҭаны, аамҭа иҳаднаҵо ауснагӡатәқәа инарықәыршәаны, аекономика ҭышәынтәаланы аизҳара алзыршо аидеиақәа рцәыргарагьы рыларҵәарагьы.
Ауадаҩрақәа шыҟоугьы, хымҧада, ус адагьы ҧсыхәа ҳамаӡам, ҳсуверенитет уасхырс иаиуа иҕәҕәоу, зхы иақәгәыҕуа амилаҭтә економика аҧҵара ҳалшароуп.
Ари ахықәкы анагӡара иазку амҩа уснагӡатә хаданы аҿаҧхьа иқәгылоуп ҳреспублика аекономикатә усбарҭа хада. Ари аус иазыркроуп аусбарҭа аусзуҩцәа зегьы рымч-рылша, рдыррақәа.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра анапхгареи аколлективи ирыдысныҳәалоит аусбарҭа 25-шықәса ахыҵра амш.
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҳәынҭқарратә економикатә политика лыҵшәабзиала анагӡара аус аҿы аихьӡарақәа».

***
Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика Аминистрра аҧҵоижьҭеи 25 шықәса аҵра иазкыз аҭҵаарадырра-ҧышәатә конференциа аартраан Ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит.


Возврат к списку