1992-93 шш.рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан итҟәаз аруаа русқәеи атәылауаа рзинқәа рыхьчареи рзы Акомиссиа алахәцәа "Аиааиразы" амедалқәа ранашьара ацеремониа

1992-93 шш.рзы  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан итҟәаз аруаа русқәеи атәылауаа рзинқәа рыхьчареи рзы Акомиссиа алахәцәа "Аиааиразы" амедалқәа ранашьара ацеремониа

Ҧхынҷкәынмза 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аиааиразы» амедалқәа ранеишьеит 1992-93 шш.рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьразы итҟәаз аруаа русқәеи атәылауаа рзинқәа рыхьчареи рзы Акомиссиа алахәцәа.

Ахада асасцәа аҧсшәа реиҳәеит.

«Сара ибзианы издыруеит шәара имҩаҧыжәгоз аусура атәы. Зны-зынла иахьа ҳазлоу ахынҭаҩынҭарақәа ирыхҟьаны, иаҳхашҭуашәа иҟалеит урҭ ашықәсқәа раан
иҟаҵаз, шаҟаҩы рыҧсҭазаара еиқәырхаз, иҟаз аҭагылазаашьа хьанҭа иахәланамгалартә еиҧш зыцәгара алыршаз. Зегьы хаҭа-хаҭала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳарҭ иаҳхаҳмыршҭыроуп Аиааира ҳзызчаҧаз ҳфырхацәа», - иҳәеит Ахада.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан атҟәацәа русқәеи атәылауаа рзинқәа рыхьчареи рзы Акомиссиа анапхгаҩы Беслан Кобахьиа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Акомиссиа аусура ахә ҳаракны иахьишьаз азы:

«Ииашаҵәҟьаны, аус ду мҩаҧган. Акомиссиа аилазаараҿы иҟаз зегьы, аибашьра иалахәыз роуп.
Сара урҭ акомиссиа алахәхаразы иазаазгарц санрацәажәоз, иақәшаҳаҭхон, аха убри аангьы ажәыларахь ацара иаҳәаны. Ус егьыҟан. Рыцҳарас иҟалаз, иахьатәи амш изахьымӡеит Џьамал Смыр, Вахтанг Кобахьиа, Заур Возба. Анцәа иҟынтә, иҟоуп урҭ ирыхшаз. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит акомиссиа аусура ахьазгәашәҭаз. Иахьа аӡәырҩы рыҧсы ҭоуп абра иҟоу ауаа рџьабаа иабзоураны».

1992-93ш.ш. Аҧсны Аџьынџтәылатә еибашьраан Аиааираҟны рлагаламҭазы «Аиааиразы» амедал ранашьоуп:

1.Агрба Даур Гиви-иҧа.
2.Амҷба Есма Џьота-иҧҳа.
3.Дгьебиа Џьума Шьоҭа-иҧа.
4.Занҭариа Резо Платон-иҧа.
5. Лабахәуа Елена Мақбеҭ-иҧҳа.
6. Лышәба Адгәыр Нурбеи-иҧа.
7. Ҭарба Медеиа Фиодор-иҧҳа.
8. Чаика Галина Алеқсандр-иҧҳа.

Рыҧсҭазаара ианалҵ ашьҭахь:

9. Возба Зураб Иосиф-иҧа.
10. Кобахьиа Вахтанг Анатоли-иҧа.
11. Смыр Џьамал Гьаргь-иҧа.

Аиҧылараҟны Ахада «Ахьӡ-Аҧша» ахҧатәи аҩаӡара ианеишьеит Беслан Кобахьиа.


Возврат к списку