Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Адгәыр Лышәба Алада Уаҧстәыла 28 шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада Алада Уаҧстәыла Ахада ихьӡала адныҳәалара бҕьыц даҧхьеит

21.09.2018

Адгәыр Лышәба Алада Уаҧстәыла 28 шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада   Алада Уаҧстәыла Ахада ихьӡала адныҳәалара бҕьыц даҧхьеит

Цәыббрамза 20 рзы Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба Алада Уаҧстәыла 28 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз арратә парад аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилов ихьӡала адныҳәалара бҕьыц даҧхьеит.

Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа!

Азин сышәҭозар, Шәаргьы ҳашьцәа ауаҧс жәларгьы ирыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа - Алада Уаҧстәыла Ареспублика Амш!

Цәыббрамза 20 рзы Жәлар рдепутатцәа Рхеилак иҟанаҵеит ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи рзы раҧхьатәи ашьаҿақәа руак.

2008 шықәсазтәи ахҭыс бааҧсқәа рнаҩс Урыстәылатәи Афедерациа Алада Уаҧстәыла Ареспублика азханаҵеит, ари даҽазныкгьы ауаҧс жәлар исуверентәу, идемократиатәу, ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы ирымоу рзин азы шықәсырацәалатәи рықәҧара шьақәнарҕәҕәеит.

Ҳреспубликақәа ирыбжьоу аиҩызареи аусеицуреи қәҿиарала аҿиара иаҿуп, ҵакы ҿыцла игәылырҭәаахоит. Агәра шәсыргар сҭахуп, Аҧсны анапхгара аҧхьаҟагьы иалшо зегьы шыҟанаҵало ҳажәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала ахырхарҭақәа зегьы рыла лыҵшәазмоу аусеицуразы.

Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, ахирра, аҳәынҭқарратә маҵзура ҳарак аҟны аихьӡарақәа, ҳашьцәа ауаҧсаа ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org