Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ихаҭыҧуаҩ аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны иҟалаз ацәгьоурақәа рзы игәаанагара иҳәеит

19.06.2017

Ахада ихаҭыҧуаҩ аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны иҟалаз ацәгьоурақәа рзы игәаанагара иҳәеит

Рашәара 19 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа ауаажәларраҟны анырра ӷәӷәа зауз ацәгьоурақәа рзы игәаанагара иҳәеит.

Витали Габниа иажәақәа рыла, зықәра намӡац аӡӷаб лцәаҧҽра афакт азы игәҩароу Асҭамыр Џьапуа иганахьала ашьауӷатә усҭҵаара шхацыркыз уи азы арзаҳал аналарҵа амш инаркны.

«Ари аус Ахада хаҭала хылаҧшра аиҭоит. Ҳара аусҭҵааратә експертизақәа рымҩаҧгаразы Урыстәылатәи Афедерациантәи аекспертцәа адҳаҧхьаларц ҳгәы иҭоуп. Урҭ агәаҭарақәа Аҧсны адагьы Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟынгьы иҟалоит», - иҳәеит Ахада ихаҭыҧуаҩ.

Витали Габниа иазгәеиҭеит аҧырхага зауз аӡӷаб хәыҷы апсихологиатә цхыраара хымҧада ишылҭаху. Иара убри азы иаҭаху адгылара шылзыҟаиҵо.

Ахада ихаҭыҧуаҩ дазааҭгылеит ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа игәҩароу ауаҩы Аҳәынҭқарратә хьчара аусбарҭа ҧасатәи аусзуҩыс дахьыҟаз атәгьы. Иара иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарратә хьчара аусбарҭа Аҧсны раҧхьаӡа иаҧҵаз амчратә усбарҭақәа ишреиуоу, уи аусура аамҭазы жәаҩыла аусзуҩцәа рыҧсҭазаарақәа рыҧсадгьыл иахҭнырҵахьеит.

«Рмаҵура нарыгӡонаҵы ирыхьчо аиҳабацәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуит. Зыӡбахә ҳамоу ацәгьоура бааҧсы ҟазҵаз ихара шьақәырӷәӷәахар, ҳәара аҭахума, уи аусбарҭа зегь азы акыр ирҧхашьагахоит. Аха ари амаҵзураҟны аус зуа арҧарацәа зегьы рганахьала аҽҧныҳәа аҟаҵара, рыларҟәра иашам ҳәа исыҧхьаӡоит», - инаҵшьны иҳәеит Ахада ихаҭыҧуаҩ.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org