Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Цхьынвал ақ. аҟны Алан Гаглоеви иареи еиҧылеит

25.05.2022

Арҭ амшқәа рзы  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Алада Уаҧстәылан Цхьынвал ақ. аҟны  дыҟоуп. Уи аиашьаратә республикаҟны иалырхыз Алада Уаҧстәыла Ахада инапынҵақәа рынагӡара иазку аусмҩаҧгатә далахәын.
Гәынбеи Гаглоеви ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ишадгыло атәы еибырҳәеит.
  
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҧхьа днаргыланы, аҧсуа жәлар ирзеиҕьасшьар сҭахуп аҭынчреи аизҳазыҕьареи. Сгәы иаанагоит ҳара аҧхьаҟагьы ҳусеицура есааира иҳарҕәҕәалоит ҳәа», – азгәеиҭеит А. Гаглоев.

Бадра Гәынба Алан Гаглоев иҭабуп ҳәа еиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аҧсныҟа ааҧхьарагьы ииҭеит.  

«Ишәыдысныҳәаларц сҭахуп иахьа иаанышәкылаз Алада Уаҧстәыла Ахада имаҵура, ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара. Алада Уаҧстәылеи Аҧсни лахьынҵак змоу республикақәоуп. Хара ҳҭоурых аҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш ианымҧшлар ауӡом. Ҳара жәҩахыр еибыҭарала ҧхьаҟа ҳцалоит ҳаидгыланы аихьӡарақәа ҿыцқәа рахь», – иҳәеит иара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org