Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Т.М. Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит

17.06.2021

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Т.М. Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба имҩаҧигеит Тарас Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа раҧхьатәи аилатәара.
Акомиссиа аҧҵан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала 2021ш. рашәарамза 14 рзы.

Аиҧылара аартуа, Ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит Тарас Шамба иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ҭыҧс иааникылаз.

Бадра Гәымба ажәалагала ҟаиҵеит, акомиссиа алахәцәа зегьы ргәаанагарақәа рҳәарц, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усузҩы ихьӡ акамыршәразы азеиҧш план ашьақәыргыларазы.

Аҟәа администрациа Ахада Беслан Ешба аиҧылара иалахәыз адырра риҭеит абри азҵаара ианамданы аҳҭнықалақь анапхгара иазԥхьагәарҭаз ауснагӡатәқәа рзы. Ақалақь ахада иҳәеит, ақалақьтә еизара иаднакылаз азыӡбала, ихадоу апаркқәа руак Тарас Шамба ихьӡ шахҵоу,  Ақалақьтә еизара адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит Аҟәа администрациа  аҧшьгарала аҳҭнықалақь аҟны Тарас Шамба ибаҟа ақәыргылара


Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа аиҳабыра рыҟнытә ажәалагалақәа рылеиҳәеит.

Аминистрцәа реилазаара ирыднагалеит Аԥсны Амилаҭтә Банк Тарас Шамба изку аиубилеитә рыцхә азы агәаларшәагатә монета аҭыжьра рабжьгазарц, ииубилеи иазкны азиндырратә мамзаргьы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзанааҭ астудентцәа рзы хаҭалтәи астипендиа аԥҵара, Гәдоуҭа араион анапхгара рганахь ажәалагала ҟанаҵеит Гәдоуҭа ақалақь амҩақәа руак еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы ихьӡ ахҵара.  

Аиҳабыра иара убас Акомиссиа ирыднагалеит Тарас Мирон-иԥа дахьынхоз аҩнаҟны агәаларшәагатә ӷәы ашьақәыргыларазы Москва анапхгара рышҟа аҳәара аҟаҵара.
Акомиссиа алахәҩы, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Виачеслав Цыгәба ажәалагала ҟаиҵеит Тарас Шамба иархив аҭҵаара иазку аусура амҩаԥгареи иусумҭақәа рҭыжьреи рзы. Иара убас уи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иабжьигеит Тарас Шамба иара аԥҵаҩцәеи анапхгаҩцәеи дыруаӡәкны дызлаҟаз ала, ихьӡ зху апремиа аԥҵара.  

Ахада Ихаҭыԥуаҩ аилацәажәара иалахәыз ирылеиҳәеит Тарас Шамба иира амш азы Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иара игәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥысраны ишыҟоу.  
Бадра Гәынба акультура аминистр Гәдиса Агрба инапы ианиҵеит иақәнагоу апрограмма азырхиара.

Ахада Ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит ҭагалан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгарала имҩаԥысраны ишыҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҵарауаа-аиуристцәа, аполитологцәа злахәхо аҭҵаарадырратә конференциа.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аилацәажәара иалахәыз ирыдигалеит Т.М. Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аусмҩаԥгатәқәа рыплан ашьақәырӷәӷәаразы Акомиссиа анаҩстәи аилатәара уи иира амш аламҭалазы амҩаԥгара.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org