18.12.2020
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусзуҩы имш иазкыз аныҳәатә еизара далахәын.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит ԥхынҷкәынмза 20 рзы.
Бадра Гәынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ ихьӡала Б. Гәынба АШӘА хаҭалатәи аилазаара зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу рмаҵураҟны.