30.09.2020
Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аиааира амш аҽны Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-мигнистр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьапуа, Аҟәа ақ. Администрациа ахада Беслан Ешба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аиҳабыреи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа.