05.08.2020
Имҩаҧысит Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба хантәаҩра ззиуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу атәылауаҩра иазку акомиссиа аилатәара.
Аилатәара иалахәын: Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Саида Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дырмит Дбар, АА Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы аамҭала ин.н. Роберт Киут, Апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Дамир Кәыҵниа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, АА Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Атәылауаҩшәҟәытә Усбарҭа аиҳабы Беслан Бигәаа, атәылауаҩра азҵаарақәа рзы АА Ахада Иадминистрациа ареферент еиҳабы Милана Смыр.
Акомиссиа ахәаҧшразы ицәырган Аҧсны атәылауаҩра аиҭашьақәыргылареи аҭареи рзы хынҩажәижәаба инареиҳаны арзаҳал.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу атәылауаҩра иазку акомиссиа аилатәара мҩаҧыслоит ҩымз рыҩныҵҟа знык еиҳамкәа.