Президент Республики Абхазия

 

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра иазку аныҳәаҿы иқәгылара

06.10.2022

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра иазку аныҳәаҿы иқәгылара

Ҳаҭыр зқәу Гаграа!
Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Ҳауаажәлар!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Гагра араион ахақәиҭтәра амш!
Қәҿиарала имҩаԥгаз Гагратәи операциа акыр аҵанакуан Аиааира агараҿы. Аидгылара, аибашьцәа ргәымшәара иасимволны иҟоуп ари ахҭыс.

Иахьа гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳаибашьцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи. Рыхьӡ кашәара ақәым ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа.
Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Шәара ишәыбзоураны Аԥсны жәлар ҭынч инхоит-инҵуеит зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарраҟны!

Гагра иахьа аҿиара амҩа иануп. Акурорттә индустриа аусура еиҳа-еиҳа ишьақәгылоит. Ақалақьуаа ишәымоу ауадаҩрақәа рыӡбара иаҿуп араион, аҳәынҭқарра ахадара. Уи ҳара иаҳуалуп. Аԥсны инхо ауаа зегьы шәыԥсҭазаара аиӷьтәра – абри ауп ҳхықәкы.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит ари амш! Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳара!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Администрация Президента Республики Абхазия, г. Сухум, Набережная Махаджиров, 32, тел.: +7 840 226 46 31, факс: +7 840 226 46 31
почта: info@presidentofabkhazia.org