Аслан Бжьаниа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс алагара рыдиныҳәалеит

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи. Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

Акыр иаҧсоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа!

Ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс алагара! Сынтәа даҽа аамҭак еиҧшымкәан зегь шәазыҧшын ари амш. Адунеи зегь зымҽхазкыз ачымазара иахҟьаны шықәсыбжак иеиҳауп шәара шәҵараиурҭақәа рахь шәымныҟәоижьҭеи, убри аҟнытә иахьатәи амш лымкаала иацуп агәхьаагареи агәыбылреи. Хымҧада сынтәатәи аҵарашықәс уаанӡатәиқәа излареиҧшым рацәахоит. Макьана иҳамазароуп агәҽанызаара, ҳрықәныҟәалароуп аҳақьымцәа иҟарҵо абжьгарақәа, аамҭала иаанаҳкылароуп бзиа иаабо ашколтә ныҳәақәа рымҩаҧгареи, аспорттә еицлабрақәеи.   Зегь агәра ҳгоит арҭ ауадаҩрақәа лассы ишымҩасуа, ҳшазыхынҳәуа ҳзышьцылахьоу, усхк рацәала ибеиоу ашколтә ҧсҭазаара.

Лымкаала срыдныҳәалар сҭахәуп раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьапы еихызго ахәыҷқәа. Иахьа инаркны шәара шәанылоит иҭбаау, зегь рыла ибеиоу аҵарадырра амҩа. Ишәыцзааит еснагь аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа, ишәзеиҕьысшьоит ақәҿиарақәа.

Аҵарадырра аусхк аҳәынҭқарраҿы лымкаала ахшыҩзышьҭра зҭатәу хырхарҭоуп. Ҳашколқәа рҿы ауп иахьеиқәҳархо ҳбызшәа, иахьаҳааӡо аҧхьаҟатәи аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аекономистцәа, аҧсуа ҳәынҭқарра уаҵәы напхгара азҭо аполитикцәа. Ҳабжьаратә ҵараиурҭақәа иахьатәи русура хымҧада ианыҧшуеит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аҧеиҧш. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳарҵаҩцәа. Шәусураҿы ишәҧыло ауадаҩрықәа шмаҷымгьы, шәгәы ацәкамыршәкәан шәаҿуп аҿар рааӡара. Ишәдыруаз, аҳәынҭқарра анахгара рҟынтә еснагь адгылара шшәымоу.

Иҳазгәакьоу ашколхәыҷқәа, акыр иаҧсоу арҵаҩцәа, ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара дуқәа!

Ҳаҭырла,

Аслан Бжьаниа,

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 



Возврат к списку